Екатерине Тикараӡе лнапынҵақәа шьҭалҵеит. Ари атәы “Ақырҭуа гәахәтәы” аофис аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы лхаҭа Тикараӡе аалыцҳаит.
Екатерине Тикараӡе агәабзиарахьчара асектор ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа ралҳәан, лминистрра ахаан аҭыԥ змаз ақәҿиарақәа дрыхцәажәеит.
“Аӡбарақәа зегьы атәылеи ҳтәылауааи ргәабзиара ахьчаразы ҳадаҳкылон. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьа иахәамԥшыкәа, хықәкы хадас иҳаман апандемиа аҿагылара, аминистрраҿ акымкәа аҵак ду змоу апроект наҳагӡеит,” – илҳәеит Екатерине Тикараӡе.