Импыҵахалоу Аԥсны ахырхарҭала аиҭаҵра аԥкра рыдыркылеижьҭеи шықәсык ҵит, иахьанахыс Егрытәи ацҳаҿ иҟоу аиасырҭа аартхоит, – илҳәеит Аинаалареи атәылауаҩратә аинаалареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани.
Аминистр лажәақәа рыла, импыҵахалоу Аԥсны арегион ауааԥсыра Қырҭтәыла ацентртә нархгара изхылаԥшуа атерриториахь аиасра ирылшоитю Ахвледиани ишылҳәаз ала, атәылауаа рҭагылазаашьа аиӷьтәразы ирылшо зегь ҟарҵоит.
«Аковидпандемиа иахҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭатәуп. Қырҭтәыла анапхгара апандемиаан иҟаз аԥкрақәа шьаҿа-шьаҿала раԥыхра аӡбара ҳадаҳкылеит. Импыҵахалоу Аԥсны ахырхарҭала аиҭаҵра аԥкра рыдыркылеижьҭеи шықәсык ҵит, иахьанахыс Егрытәи ацҳаҿ иҟоу аиасырҭа аартхоит. Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҟынтә иасуа атәылауаа рзы акарантин аҿҳәара 12 мш ацынхәрас, 5 мш рыла ҳаԥсахит,» – илҳәеит аҳәынҭминистр.