Едгарс Ренкевичс - Украина иманшәалахар, ҳара Европаҿ аҭынчра ахьчара ҳзымариахоит
Едгарс Ренкевичс - Украина иманшәалахар, ҳара Европаҿ аҭынчра ахьчара ҳзымариахоит

Абџьар аҭара шәаҟәымҵын, ари ҟышәымҵар украинаа иаҵахоит, Урыстәыла егьырҭ атәылақәа рыргәаҟразы алшара аиуеит, – иҳәеит Латвиа ахада Едгарс Ринкевичс агентра “АР” аинтервиу аҿы. Ари аҳәамҭала Латвиа ахада Украина арратә цхыраара анагӡаразы аӡбара адкылара иазкны илак-ҩакуа атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Рнкевичс иажәақәа рыоа,жәларбжьаратәи аҭынчреи Европаҿ аҭынчреи рзықәԥара аҵак ҷыда амоуп.

Латвиа ахада ишазгәеиҭаз, уажәы Евроеидгыла агәаанагарақәа еиҩшоуп Украина азҵаараз акәым, Ааигәа Мрагылара азҵаара иазкны.

Ринкевичс иҟаиҵаз аҳәамҭала, Натои Евроеидгылеи Украинаҿ зыҿҳәара наӡоу аибашьразы ихиазароуп.