Ечмиаӡин, Шәамахьтәыла ашәарҭадара маҵзура аусуҩцәеи адуҳатә хаҿқәеи еиҿагылеит

Ечмиаӡин, Шәамахьтәыла ашәарҭадара маҵзура аусуҩцәеи адуҳатә хаҿқәеи еиҿагылеит,- аарыцаит шәамахьтәылатәи аихқәа.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, ашәамахьцәа ԥасатәи ркатоликос апатриархиантә ддәылҵн, адоуҳатә хаҿқәа рышҟа иҿынеихеит, уи аамҭазыашәарҭадаратә маҵура аусуцәа Гарегин аҩбатәи икәыреит.

Шәамахьтәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, аҵакырадгьыл аҿы амобилизациа рзууп аполициатә мчқәа, аха аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵара рылымшеит.

Уаанӡа аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Ширактәи аепархиа анапхгаҩы, аҷҟәандар хада Миқаел Аџьаԥахиан иус азы ашьаусԥшаара хацыркын. Аихқәа рдыррақәа рыла, аҷҟәандар хада Ечмиаӡин дыҟоуп