EBRD Қырҭтәыла 2022-2027 шықәсқәа рзтәи астратегиа шьақәнарӷәӷәеит
EBRD Қырҭтәыла 2022-2027 шықәсқәа рзтәи астратегиа шьақәнарӷәӷәеит

Европа ареконструкциеи аҿиареи рбанк EBRD Қырҭтәыла 2022-2027 шықәсқәа рзтәи астратегиа ҿыц шьақәнарӷәӷәеит. Астратегиа ҿыц шьаҭас амоуп ихадоу хприоритетк :

  1. Ақырҭуа еилахәырақәа рконкурентлшара ашьҭыхра

„EBRD, еилахәырақәа рконкурентлшара ашҭыхра аус аҿы рыцхраар азыхиоуп. Аҿырԥштәазы, адигитализациа аинвестициақәа ралагаларала. Иара убас Абанк нанагӡоит аҭыԥантәи акапитал аџьармыкьаҿ арҭбаара  апроцесс

2. Аинклиузиеи арегионтә аҿиареи рыцхыраара

„Абанк ақәыԥшцәеи, аҳәсеи егьырҭ амаргинализациа змоу агәыԥқәеи рыдгылара нанагӡоит, аҳҭнықалақьи егьырҭ ақалақьқәеи рҿы аусурҭа ҭыԥқәа раԥҵара иадгылоит. Арегионқәа ирықәынхо ауааԥсыра афинанстәи амуниципалтәи сервисқәа арманшәаларазы ауп абанк акцент хада ахьыҟанаҵо”.

3. Қырҭтәыла аекономика еҵәа атрансформациа адгылара

Аинформациаҿ ишану ала, Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы  иҭышәантәалоу аекономика ашьақәыргылара аус аҿы имҩаԥнагаз ареформақәа рҿы ақәҿиарақәа амоуп. EBRD астратегиа ҿыц Covid-19 апандемиаан аԥхасҭаду зауз Қырҭтәыла аекономика аиҭашьақәыргылараҿ ацхраауеит.