ЕАШ Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахымца аанкылара иазкны аганқәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа зыԥшра ҟамҵакәа инанагӡарц
Еиду Америка Аштатқәа Урыстәылатәи Афедерациахь – аимак иалоу аган ахь – ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ахымца аанкылара иазкны аганқәа ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа зыԥшра ҟамҵакәа нанагӡарц, арратә мчқәа аимакҟалаанӡатәи апозициақәа рахь иаргарц, – иануп Женеватәи аиҿцәажәарақәа 59-тәи рраунд ахыркәшара ашьҭахь ЕАШ амиссиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
“Урыстәыла арратә хәҭақәа рыла Қырҭтәыла 20% импыҵахалоуп, Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еиланагеит, инагӡоит аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рзинқәа реилагара, “абордеризациа” апроцесси. Аԥсни Аладатәи Уаԥстәыла Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп. Урҭ реиҭаҵра ахақәиҭра аилагара аанкылатәуп.ЕАШ адгылоит Қырҭтәыла ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра ахьеиланамго,” – иануп аҳәамҭа аҿы.
“Қырҭтәыла аҭыԥ змаз аимак аҿы Урыстәыла ган заҵәык ауп, уи ахатә мчқәа исуверену аҳәынҭқарра аҵакырадгьылқәа рҿы ЕАР аҵасқәеи, Хельсинктәи акти еиланагоит. 2008 шықәсатәи ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭреи еиланагоит. Арҭ аилагарақәа ирхылҵит ихатә дгьыл аҿы иҟазы Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра “, – иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.