ЕАШ имҩаԥгаз "Иреиӷьу аибашьҩцәа реицлабра" рхы аладырхәит ақырҭуа аруаа
ЕАШ имҩаԥгаз "Иреиӷьу аибашьҩцәа реицлабра" рхы аладырхәит ақырҭуа аруаа

ЕАШ имҩаԥгаз “Иреиӷьу аибашьҩцәа реицлабра” қәҿиарала рхы аладырхәит ақырҭуа аруаа, – аарыцҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвили аицлабрақәа рҟынтә  ихынҳәыз арратә маҵзуҩцәа, асержант еиҵбы Паата Сабиашвилии акапрал-специалист Иракли Нозаӡеи рыдиныҳәалан, наҟ-наҟгьы адгылара шырзааиԥшуа иазгәеиҭеит.

Америкатәи ақырҭуеи аруаа ахысреи, амарш-аԥареи, афизикатә нормақәа рҭиреи, арратә атопограциеи, амедицинатә цхыраареи, аимадареи рхырхарҭақәа рыла еицлабуан.