ЕАШ, Евроеидгыла, Европа 14 тәылақәа рпарламентқәа рыдәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитетқәа рхантәаҩцәа "Атәым нырра аартызаара иазку" азакәан иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит
ЕАШ, Евроеидгыла, Европа 14 тәылақәа рпарламентқәа рыдәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитетқәа рхантәаҩцәа “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
ЕАШ Асенат авебдаҟьа ианылаз апрессрелиз аҿы ишану ала, ЕАШ-и, Бельгиеи, Чехиеи, Естониеи, Финлиандиеи, Германтәылеи, Исландиеи, Италиеи, Евроеидгылеи, ЛАтвиеи, Лиетувет, Норвегиеи, Польшеи, Украинеи, Британиа Дуи рпарламентқәа рыдәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитетқәа рхантәаҩцәа “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан иадҳәаланы Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы, асенатор Бен Кардин дызхагылаз аиԥылара амҩаԥгара ашьҭахь аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, “Азакәан, адемократиа ашьаҭатәи елементқәа – атәылауаҩратә уаажәларреи ихьыԥшым аихқәеи ркыдцалара ауп хықәкыс иамоу”.
Аха, Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар рыдгылара нарыгӡоит, урҭ ахаан иаанрыжьуам.
„Аҩызцәеи апартниорцәеи Қырҭтәыла апарламент угәы ԥызжәаша, арепрессиатә шьаҿа ахьыҟанаҵаз, агәынамӡара ду аадырԥшит, ари ашьаҿа адемократиеи мраҭашәараҟны аинтеграциеи ирԥырхагахоит. Ҳара, Евроатлантнтикатә закәанԥҵаҩцәа, ибзианы еилаҳкаауеит апарламент ароль жәлар рыҳәара анагӡара шаанарԥшуа, ақырҭуаа Кремль аҟны иргәаԥхо азакәан иаҿагылоит. Имарианы иаҳҳәар, атәым агентцәа рзакәан, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20% зымпыҵахалара наигӡо Владимир Путин имҩаԥиго аполитика иузеиҟәымҭхуа хәҭоуп.
Ақырҭуа еиҿкаарақәа – „Жәларбжьаратә аартызаара – Қырҭтәыла“ (TI Georgia), „Ииашоу алхрақәеи адемократиатә жәларбжьаратә уаажәларра“ (ISFED), „Аҿар иуристцәа реиҿкаара“ (GYLA) Қырҭтәыла евроинтегарциа амҩаҿ ароль ду рымоуп. Ари азакәан, адемократиа ашьаҭатәи елементқәа – атәылауаҩратә уаажәларреи ихьыԥшым аихқәеи ркыдцалара ауп хықәкыс иамоу. ЕАШи Европеи ақырҭуа жәлар рыдгылара нарыгӡоит, урҭ ахаан иаанрыжьуам, избан акәзар, арҭ ауаа ипатриотцәоуп, Урыстәыла иалгылаз 84-ҩык апарламент алахәылацәа иреиԥшымкәа“, – иануп аҳәамҭа аҿы.