ЕАШ ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аҿы Урыстәыла Қырҭтәыла иаҿагыланы имҩаҧнаго агрессиа иақәыӡбеит
ЕАШ ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аҿы Урыстәыла Қырҭтәыла иаҿагыланы имҩаҧнаго агрессиа иақәыӡбеит

ЕАШ ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аҿы Countering a Resurgent Russia атема иадҳәаланы еилатәара мҩаҧысит.

Аилатәара ахь иааҧхьан Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҧасатәи ицхырааҩ, Нато аҿы ЕАШ ҧасатәи еснагьтәи хаҭарнак, Брукингтәи аинститут аҭҵааҩ Викториа Нуланди, Европе Евразиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҧасатәи ицхырааҩ, Польша иҟаз ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ, Атлантикатәи ахеилак аҭҵааҩ хада Даниель Фриди Аибашьраҭҵааратә институт ахантәаҩы, ЕАШ арратә штаб ҧасатәи аиҳабы, аинрал Џьек Каини.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аилатәара ахь иааҧхьаӡ асасцәеи аконргессменцәеи Урыстәыла агрессиа иақәыӡбеит, ҷыдала иақәыӡбеит Украинеи Қырҭтәылеи рҿы урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа, иара убас иахәаҧшит Урыстәыла ахымҩаҧгашьа иаҭакны иҟаҵатәу ашьаҿақәа.

Аилатәара аҿы ЕАШ ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи акомитет ахантәаҩы Елиот Енгель иҟаиҵаз аҳәамҭала, Урыстәыла ахатә ҳәаақәа рааигәара иҟоу Қырҭтәылеи Украинеи рымпыҵахалара, жәашықәсақәа рыҩнуҵҟа идыргылоз аҭынчреи аҭышәынтәалареи ирҧырхагахеит.