ЕАШ ацҳаражәҳәара - Қырҭтәыла аԥеиԥш аӡбаҩцәа рнапаҿы иҟоуп, ари ихадоу апату зқәу аҭакԥхықәроуп
Аларҵәара аиуит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан аконституциатә аӡбарҭаҿ имҩаԥгаз аиԥылара иазкә аинформациа.
Аинформациаҿ ишану ала, Келли Дегнан иазгәалҭеит аӡбарҭаҿ аӡбарақәа Қырҭтәыла иреиӷьу аинтересқәа ирзыԥхьагәаҭаны шрыдыркыло дшақәгәыӷуа.
„Қырҭтәыла аԥеиԥш аӡбаҩцәа рнапаҿы иҟоуп, ари ихадоу апату зқәу аҭакԥхықәроуп. Қырҭтәыла даныҟаз ацҳаражәҳәаҩ Дегнан аӡбаҩцәа изныкымкәа дырԥылхьеит, урҭ русзуреи ааԥхьарақәа ирыхцәажәахеит. Қырҭтәыла аконституциатә аӡбарҭаҿ даныҟаз, ацҳаражәҳәаҩ ҷыдала иазгәалҭеит Қырҭтәыла адемократизациа амҩаҿ ари аӡбарҭа ҵакыс амоу. Ацҳаражәҳәаҩ иазгәалҭеит аӡбарҭаҿ аӡбарақәа Қырҭтәыла иреиӷьу аинтересқәа ирзыԥхьагәаҭаны шрыдыркыло дшақәгәыӷуа“, – иануп ацҳаражәҳәара аинформациа аҿы.