ЕАШ ацҳаражәҳәара импыҵахалоу Аԥсны, Гал араион Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟанаҵоит
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара импыҵахалоу Аԥсны, Гал араион Саберио ақыҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟанаҵоит.
«ЕАШ ацҳаражәҳәара импыҵахалоу Аԥсны, Гал араион Саберио ақыҭан амцакраан иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәареи рыуацәеи, ақырҭуа ажәлари гәык ала ҳрыдашшылоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Хәҩык ахәыҷқәа ҭахеит Урыстәыла ала импыҵахалоу Гали араион Саберио ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны. Арыцҳара ажьырныҳәа 5 рзы ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ахәыҷқәа ранду амца анеиқәылҵоз абензини акеросини лцәеилагеит.