ЕАШ ацҳаражәҳәара - Ацҳаражәҳәара Ника Гварамиа абахҭаҿ иааныжьра иадҳәаланы агәынамӡара даҽазнык аанарԥшуеит
ЕАШ ацҳаражәҳәара Ника Гварамиа абахҭаҿ иааныжьра иадҳәаланы агәынамӡара даҽазнык аанарԥшуеит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацхаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, ЕАШ ари аус азы иаразнакҵәҟьа азҵарақәа азцәырҵын, агәынамӡара аанарԥшит.
„Адемократиа аих ахақәиҭра ахьчареи аполитикатә мотивациа змоу азинтә кыдцалара аҿагылара ауп шьаҭас иамоу. Азинӡбара аполитизациа Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш ашәарҭа ҭаднаргылоит“, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Иацы “Мҭавари архи” адиректор хада Ника Гварамиа идукатцәа аладырҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, Иреиҳаӡоу аӡбара Ника Гварамиа иус азы ашшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.