ЕАШ ацҳаражәҳәара – Анапхгареи аоппозициеи Ника Мелиа изҵааразы аадырԥшыз аҽынкылара ҳаҭыр ақәаҳҵоит
ЕАШ ацҳаражәҳәара – Анапхгареи аоппозициеи Ника Мелиа изҵааразы аадырԥшыз аҽынкылара ҳаҭыр ақәаҳҵоит

Анапхгареи аоппозициеи Ника Мелиа изҵааразы аадырԥшыз аҽынкылара Еиду Америкатәи аштатқәа рыцҳаражәҳәара ҳаҭыр ақәнаҵоит, – иануп ЕАШ ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, аганқәа зегьы ируалуп иҟоу аҭагылазаашьа адеескалациа азы ирылшо зегь ҟарҵар.

«Қырҭтәыла аҭынчреи, аҭышәынтәалареи адемократиатә процесси нагӡахарц азы, Еиду Америкатәи аштатқәа аконструктивтә диалог амҩаԥгара адгылоит. Қырҭтәыла имариам ааԥхьара аҿаԥхьа игылоуп. Ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирылоуп аполитикатә кризис алҵреи аҭынчра ашьақәыргылареи. Еиду Америкатәи аштатқәа Қырҭтәыла аусурҭа ҭыԥқәа реиҿкаареи, аӷарра аҿагылареи аеконмика аиҭашьақәыргылареи аус аҿы иацхраарц иазыхиоуп,» – иануп аҳәамҭа аҿы.