ЕАШ ацҳаражәҳәара - 2008 шықәсатәи ахҭысқәа иҳхамшҭит, урҭ ақырҭуа жәлар иахьагьы ирныруеит
Урыстәыла Қырҭтәыла ақәлеижьҭеи жәафшықәса ҵит. 2008 шықәса нанҳәатәи ахҭысқәа иҳхамшҭит, урҭ ақырҭуа жәлар иахьагьы ирныруеит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.
Ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿ ишану ала, Урыстәыла еиланагоит 2008 шықәсазы аганқәа ирыбжьарҵаз ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра. Ари арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашәарҭа ҭаднаргылоит.
“ЕАШ Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара рыдгылара нанагӡоит”, – иануп ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿы.