ЕАШ Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет "Ақырҭуа жәлр ракт" иазку аҳәамҭа аланарҵәеит
ЕАШ Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет “Ақырҭуа жәлр ракт” иазку аҳәамҭа аланарҵәеит.
“Атәылаҿ атәылауаҩратә уаажәларреи адемократиатә аихқәеи русзура аԥырхагахаразы Қырҭтәыла апарламент атәым нырра иазку азакәанпроект адкылара иаҭакны, ЕАШ асенатори Бен Кардини, Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Џьин Шаҳини, асенаторцәа Џьим Риши, Пит Рикерси, Крис Кунси,Линдси Греми ҩпартиак аус еицрыдырулаз азакәанпроект ҳадыргалеит, азакәанпроект ала иазыԥхьагәаҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра ачинҳаракҩцәеи акоррупциеи,ауаҩытәыҩаз изинқәа реилагареи, атәым нырра иазку азакәан адгылареи ма уи ашьақәырӷәӷәара ацхыраареи ирылахәуз ахаҿқәа аҭакԥхықәра рықәҵара. Ҳзакәан ЕАШ ақырҭуа жәлар евроатлантикатә аԥеиԥш шадгыло шьақәнарӷәӷәоит“, – ЕАШ Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет “Ақырҭуа жәлр ракт” иазку аҳәамҭа аҿы.