ЕАШ Украина Урыстәыла иалагаз аибашьра инамаданы, 150 аиуристтәи афизикатәи хаҿқәа рганахь ала асанкциақәа аланагалеит. Асанкциақәа зқәырҵаз дреиуп Қырҭтәыла ԥасатәи апрокурор хада Оҭар Ԥарцхалаӡе.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, асанкциақәа рпакет ҿыц уаанӡа ишьақәгылаз апакетқәа рыбжьара зегь реиӡа иҭбаауп. Асиа ианылеит Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи, Аемиратқәеи, Қырҭтәылеи ртәылауаа.
“ЕАШ аҳәынҭдепартамент асанкциатә сиа ианылеит Урыстәыла аенергомҩангагақәа рааглыхреи аекспорт апотенциал арҭбаареи знапы алаку, иара убас Урыстәыла аметаллургиеи ашьха-ааглыхратә сектор аҿы аус зуа, Урыстәыла атәылауаа жәларбжьаратәи асанкциақәа реилагараҿ зыцхраауа ахаҿқәеи аилахәырақәеи. Иара убас ЕАШ аҳәынҭдепартамент асанкциатә сиа данылеит ақырҭуа хылҵшьҭра змоу ауры олигарх Лҭар Ԥарцхалаӡе, уи ицхыраарала ФСБ ақырҭуа уаажәларреи аполитикеи рнырра алшара аман”, – иануп апрессрелиз аҿы.
Аларҵәара зауз апрессрелиз инақәыршәаны, ЕАШ аҳәынҭдепартамент асанкциатә сиа ианылеит Украинаҿ аурырсцәа рхы иадырхәо аибашьыга системақәа (урҭ рыбжьара амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәа “Колибри”) арҽеиратә усурақәа мҩаԥазго аилахәырақәа рацәаны, аиара убас агәыԥ “Вагнер” иадҳәалоу ахаҿқәа.