ЕАШ арратә ԥшыхәратә маҵзура аглобалт шарҭақәа ирызку 2021 шықәсатәи аҳасабырба цәырнагеит. Адокумент аҿы «Арегионалтә пробелмақәеи зинтенсивра лаҟәу аимакқәеи» зыхьӡу ахы Қырҭтәыла иазкуп.
Аҳасабырбаҿ ишану ала, Кремль аҭахуп Қырҭтәылазы «ашәарҭадаразы гарант хада» аанхарц. Ари иахәамԥшыкәа, ашәарҭадара асектор аҿы Қырҭтәылеи, Украинеи Азербаиџьани русеицура Натои егьырҭ адәныҟатәи адгылаҩцәеи рҟны ибзиаӡаны аанарԥшуеит арҭ атәылақәа Урыстәыла «адоминациа аҽазкра» шаҿагыло.
Адокумент аҿы ишану ала, 2008 шықәса инаркны Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еиланагеит, атәыла 20% импыҵахалоуп, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи «ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәас» азханаҵеит. Иара убас, Кремль Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы арратә базақәа амоуп, административтә ҳәаақәа рҿы арратә патруль гылоуп. Ари ада, адокумент аҿы ишану ала, урыстәылатәи аган, 2008 шықәсазы ибжьарҵаз ахымца аанкылара иазку еиқәшаҳаҭрала ирыду аҭакԥықәра мап ацәнакуеит, арратә мчқәа аимакҟалаанӡатәи апозициақәа рахь дырхынҳәуам.