ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҿҩ Маик Помпео «Твиттер» аҿы Қырҭтәыла авизит дахцәажәеит
ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҿҩ Маик Помпео «Твиттер» аҿы иҳаҩсыз ашықәс аихшьаала азыҟаиҵан, Қырҭтәыла авизит дахцәажәеит. ЕАШ адәныҟатәи маҵзура анапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла даҭааит ахақәиҭра бзиа збо аҩыда идгыларазы.
Маик Помпео Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа адкыларазы иҭабуп хәа иаиҳәеит.
Иапа убас Маик Помпео «Твиттер» аҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариеи рееиԥылараан иҭырхыз апатреҭқәа алаирқәеит.
ЕАШ аҳәынҭкарратә маӡаныҟәгаҩ Дональд Трамп иадминистрациа аусзурагьы дазааҭгылеитю Помпео ишазгәеиҭаз ала, Трамп иадминистрациа Урыстәыла имҩаԥнаго агрессивтә аполитика шаҿагыло аҩызцәа рыдгылара ала аанарԥшит.
«2017 шықәса инаркны Трамп иадминистрациа Украинеи Европеи Урыстәыла имҩаԥнаго адестабтилизациеи агрессиеи ирҭакны, 365 иреиҳаны урыстәылатәи еиҿкаарақәеи ахаҿқәеи асанкциақәа рзышьақәнарӷәӷәеит,» – иҩит Твиттер аҿы Помпео