ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент - Агәаанагара џьоукы иргәамԥхар ҟалап, аха ақырҭуаа ргәаанагара аарԥшра зин рымоуп
Ԥхынгәы 5 рзы Қырҭтыла атәылауаҩратә активистцәеи, ажурналистҵәеи ауаажәларра рхаҭарнакҵәеи рганахьала аҭыԥ змаз амчылара ҳаҿагылоит, – иазгәаҭоуп ЕАШ аҳәынҭқарратәдепартамент аофициалтә хаҭарнак Нед Праис иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Праис иажәақәа рыла, агәаанагара џьоукы иргәамԥхар ҟалап, аха ақырҭуаа ргәаанагара аарԥшра зин рымоуп.
“Ԥхынгәы 5 рзы Қырҭтыла атәылауаҩратә активистцәеи, ажурналистҵәеи ауаажәларра рхаҭарнакҵәеи рганахьала аҭыԥ змаз амчылара ҳаҿагылоит. Қырҭтәыла алидерцәеи азакәанхьчаратә органқәеи ируалуп аарԥшра ахақәиҭреи аизара ахақәиҭреи рыхьчарц, ацәгьауцәа ааныркыларц.
Агәаанагара џьоукы иргәамԥхар ҟалап, аха ақырҭуаа ргәаанагара аарԥшра зин рымоуп.
Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәеи азакәанхьчаратә органқәеи иргәалаҳаршәарц ҳҭахуп аҭакԥхықәрас ирымоу, урҭ ауааԥсыра зегьы рыхьчара ируалуп, еилых ҟамҵакуа. Амчылара аргама иаҿагылароуп,” – иазгәеиҭеит Нед Праис.