ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2022 шықәсатәи абиуџьет апроект аҿы Қырҭтәыла 88 миллион доллар ацхыраара азалхра азыԥхьагәаҭоуп
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2022 афискалтә шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла 88 миллион доллар ацхыраара азалырхуеит.
Апроект аҿы ишану ала, афинанстә цхыраара хақәкыс амоуп Қырҭтәыла атерриториаҿ аекономикатә аҿиареи, Евроатлантикатәи аинтеграциеи, Кремль аҟынтә аауа ашәарҭақәа раанкылареи.
“Афинанстә цхыраара аинституциатә гәаҭареи, абалан арӷәӷәареи, азакәан аиҳаӡара аҟазаареи, атәылауаҩратә уаажәлара арӷәӷәареи, еиӷьу зхы иақәиҭу, узықәгәыӷыша аих аҟазаареи, аполитикатә плиурализм аҿиареи, аинаалара адгылареи, Аԥсны арегион уахь иналаҵаны, аенергетикатә шәарҭадара азҳареи, акибершәарҭадара арӷәӷәареи ирыдгылоит”, – иануп апроект аҿы.