ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент – 2020 шықәсазы Қырҭтәыла анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьаурақәа рхыԥхьаӡара 32% рыла имаҷхеит
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент – 2020 шықәсазы Қырҭтәыла анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьаурақәа рхыԥхьаӡара 32% рыла имаҷхеит

2020 апандемиаан Қырҭтәыла анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьаурақәа рхыԥхьаӡара 32% рыла маҷхеит, – иануп ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент жәларбжьаратәи анаркотикқәа рхылаԥшра астратегиа 2021 шықәсатәи аҳасабырбаҿ.

Адокумент инақәыршәаны, 2020 шықәсазы Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа реикәшара аҿагылара аҟәшеи ЕАШ-и Баҭым 40 кг героин рыԥшааит. Аҳасабырбаҿ ишану ала, «covid-19» апандемиа амзызла 2020 шықәсазы Қырҭтәыла dark web  аҿы ирҭииуа анаркотикқәа рхархәара  иазҳаит.