ЕАШ аҳәынҭдепартамент аҳасабырбала, атрефикинг аҿагылара аганахьала 186 тәыла рыбжьара, Қырҭтәыла еиҭах актәи аклаҭ аҿы иҟоуп
ЕАШ аҳәынҭдепартамент аҳасабырбала, атрефикинг аҿагылара аганахьала 186 тәыла рыбжьара, Қырҭтәыла еиҭах актәи аклаҭ аҿы иҟоуп

Иахьа ицәырган Ауаҩытәыҩса имҵарсра (атрефикинг) иазку ЕАШ аҳынҭдепартамент есышықәсатәи аҳасабырба. Аҳасабырба инақәыршәаны, ауаҩытәыҩса имҵарсра (атрефикинг) аҿагылара аганахьала имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рыла, 186 тәыла рыбжьара, жәшықәса ирылагӡаны  Қырҭтәыла актәи аклаҭ аҿы иҟоуп, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, сынтәа иреиҳаӡоу ахәшьара 33 тәыла мацара роуит. Иара убас, арегион атәылақәа рҟынтә сынтәагьы Қырҭтәыла ЕАШ аҳынҭдепартамент аҟынтә иреиҳаӡоу ахәшьара аиуит. Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҟынтә иреиҳаӡоу актәи акалҭ иақәымшәеит 12 ҳәынҭқарра.

ЕАШ aҳәынҭқaррaтә депaртaмент есышықәсaтәи aҳaсaбырбa aҿы ишану ала, атрефикинг aҿaгылaрa aгaнaхьaлa Қырҭтәылa иҟоу aҭaгылaзaaшьa астaндaртқәa ирышьaшәaлоуп.