ЕАШ аҳәынҭдепартамен 2025 афинанстә ашықәсазтәи абуиџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла ацхыраара аҳасабла 8- миллион доллар азалылхит
ЕАШ аҳәынҭдепартамен 2025 афинанстә ашықәсазтәи абуиџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла ацхыраара аҳасабла 8- миллион доллар азалылхит

ЕАШ аҳәынҭдепартамен 2025 афинанстә ашықәсазтәи абуиџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла ацхыраара аҳасабла 85 миллион доллар азалылхит. Аинформациа Аҳәынҭдепартамент авебдаҟьа ианылеит.

Азакәанпроект аконгресс адыргалахьеит.

„Ацхыраарала иазыԥхьагаоуп Қырҭтәыла адемократиатәи аекономикатәи аҿиара, евроатлантикатәи аинтеграциа адгылара. Афинансркра аинституциатә хылаԥшреи абаланси, азакәан аиҳаӡара арӷәӷәареи ирыцхраауеит, аполитикатә плиурализм адгылоит, иара убас адгылоит аинаалара аҽазкра, Аԥсни Аладатәи Уаԥстәылеи уахь иналаҵаны“, – иануп азакәанпроект аҿы.

Баиден иадминистрациа ЕАШ аҳәынҭқарратә департаменти жәларбжьаратәи аҿиаразы агентреи 2025 афинанстә ашықәсазы 58.8 миллиард доллар рзалхра аҭахуп.