ЕАШ Афганистан аҟынтә атәылауаа ревакуациаҿ ацхырааразы Қырҭтәыла ҭабуп ҳәа анаҳәоит
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы, аполитикатә зҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Викториа Нуланд Афганистан иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит.
Нуланд дахцәажәеит Афганистан аҟынтә ауаа ишәарҭам ревакуациа азҵаара. Иахьазы атәылантә аевакуациа рзууп 123000-ҩык, урҭ иреиуоуп 6000-ҩык Америка атәылауаа.
Аевакуациа адгыларазы Нуланд тәылақәак иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
“Аевакуациа апроцесс аҿы ацхыраара ҳзаадырԥшыз атәылақә иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп. Иҭа́буп ҳәа раҳҳәоит ҳпартниорцәеи ҳадгылаҩцәеи – Бахреини, Даниеи, Финлиандиеи, Франциеи, Германтәылеи, Қырҭтәылеи, Венгрие, Италиеи, Косовои, Кувеити, Пакистани, Катари, Испаниеи, Швеицариеи, Ҭырқәтәылеи, Украинеи, Арабтә Емиратқәеи, Британиа дуи уҳәа уб. егь,” – илҳәеит Викториа Нуланд.