ЕАР иалоу 50 ҳәынҭқарра иреиҳаны, Қырҭтәыла урҭ рыгәҭа, Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара иаҿагылоит
ЕАР иалоу 50 ҳәынҭқарра иреиҳаны, Қырҭтәыла урҭ рыгәҭа, Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара иаҿагылоит. Аҳәынҭқаррақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа атекст даԥхьеит Украина ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Кислица.
„Урыстәылатәи Афедерациа Украина аамҭала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгаразы илегитимым аҽазкра ҳаҿагылоит, цәгьала ҳақәыӡбоит. ЕАР иалоу атәыла аҵакыраҿ даҽа тәылак мчыла имҩаԥнаго алхрақәа асуверенитети атерриториатә акзаара апринципи реилагара ауп. Арҭ алхрақәа жәларбжьаратә зин иаҿагылоит”, – иҳәеит Украинатәи адипломат.
Абрифинг аҿы Сергеи Кислиц ивагылан ЕАР иалоу атәылақәа 56-ҩык рыцҳаражәҳәаҩцәа.