ЕАР иалахәы 50 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа, Қырҭтәылагьы, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иақәыӡбо даҽа ҳәамҭак иадгылеит
Украинаҿ аибашьра иалагеижьҭеит фымз анҵы, ЕАР иалахәы 50 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа, Қырҭтәылагьы, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иақәыӡбо даҽа ҳәамҭак иадгылеит.
Ашәарҭадара ахеилак аилатәара ашьҭахь аҳәамҭа атекст алаирҵәеит ЕАР аҿы Украина еснагьтәи ахаҭарнак Сергеи Кисилица.
«Жәларбжьратәи аизыҟазаашьақәа рҿы аҳәынҭқаррақәа зегьы ЕАР апҟаҧҵәа 2тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рықәмақарреи аполитикатә хьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иаҿагыланы амч ахархәареи аҟынтә аҽаанкылара ируалуп, дара аполитикатә аимакқәа зегьы аҭынчмҩала аҭыҧ иқәырҵароуп. Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит жәларбжьарати азакәан ала ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа зегьы нанагӡарц», — иануп аҳәамҭаҿы.
Адокумент рнапы аҵарҩит Евроеидгыла иалоу атәылақәеи, иара убас, Америкеи, Британиа Дуи, Швеицариеи, Ҭырқәтәылеи, Канадеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи.
ЕАР аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнакра авебдаҟьа иану аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.