ЕАР Ахәыҷтәы фонд аҳәамҭа  - Ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы ахәыҷқәа рзы ишәарҭам аҭагылазаашьақәа еиқәыршәазароуп, ақалақьқәа ахәыҷқәа ирзыманшәалазароуп
ЕАР Ахәыҷтәы фонд аҳәамҭа  - Ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы ахәыҷқәа рзы ишәарҭам аҭагылазаашьақәа еиқәыршәазароуп, ақалақьқәа ахәыҷқәа ирзыманшәалазароуп

ЕАР Ахәыҷтәы фонд Қырҭтәыла ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы ахәыҷқәа ршәарҭадара зыхьчаша аҭагылазаашьақәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

ЕАР Ахәыҷтәы фонд адыррала,  Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳара  амшала Қарҭи Қырҭтәыла егьырҭ ақалақьқәеи  ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы ашәарҭадара астандартқәеи анормақәеи иаҳа хшыҩзышьҭра роуит.

Қырҭтәыла иҟоу ЕАР Ахәыҷтәы фонд ахаҭарнак  Гасана Халила лҳәамҭала, ЕАР Ахәыҷтәы фонд амилаҭтәи аҭыҧантәи напхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит дара рҭакҧхықәра аҳәаақәа ирҭагӡаны,   аспециалистцәеи атәылауаҩратә уаажәларреи хазхаҭалатәи асектори рҟны  еиқәшаҳаҭрала, ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы ахәыҷқәа ршәарҭадара еиқәдыршәарц, ахәыҷқәа анхареи, ахәмарреи, аҧсшьареи, аҿиареи азы ирымоу азин рыхьчаларц.