ЕАР ахаҭарнак Ник Бересфорд – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҳаҭабууп Қарҭ имҩаҧысуа Праид ауснагӡатә алахәылацәа зегьы  ршәарҭадара ахьчаразы
ЕАР ахаҭарнак Ник Бересфорд – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҳаҭабууп Қарҭ имҩаҧысуа Праид ауснагӡатә алахәылацәа зегьы  ршәарҭадара ахьчаразы

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҳаҭабууп Қарҭ имҩаҧысуа Праид ауснагӡатә алахәылацәа зегьы  ршәарҭадара ахьчаразы, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАР ахаҭарнак Ник Бересфорд Қарҭ имҩаҧсуа Праид иадҳәаланы аҳәамҭа аныҟаиҵоз.

Иара иажәақәа рыла,  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ауснагӡатә алахәылацәа зегьы ршәарҭадара еиқәнаршәоит.

„ЕАРи егьырҭ апартниорцәеи Праид амчыбжь актәи амш иахьалахәы сеигәырҕьоит. Ауснагӡатә алахәылацәа активла еизоит,  уи сгәы иаахәоит,  аинтерес зҵоу,  игәырҿыхагоу ахәылҧаз мҩаҧгахап ҳәа сгәыҕуеит.  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҳаҭабууп Қарҭ имҩаҧысуа Праид ауснагӡатә алахәылацәа зегьы  ршәарҭадара ахьчаразы. Ҳара,  ЕАР ахаҭарнакцәа ауааҧсыра зегьы рзинқәа ҳахьчоит,  убри азоуп иахьа абра ҳзыҟоу. Ауаа зегьы ирҭаху бзиа дырбаларц азин рымоуп,  ауаа зегьы ишырҭаху рхы аадырҧшырц азин рымоуп“, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАР ахаҭарнак Ник Бересфорд.

Қарҭ Праид амчыбжь мҩаҧысуеит. 3 уснагӡатәк рыла еиқәыршәоу амчыбжь нагӡахоит ҧхынгәы  8-нӡа. Иахьатәи ауснагӡатә ашҟа инеит ЛГБТ+ алахәылацәеи,  жәларбжьаратәии аҭыҧантәии апартниорцәеи,  адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи. Ишазгәаҭаз ала,   ахәылҧаз аҿы асас ҷыда лакәхоит Европатәи Ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы акомиссар Дуниа Миатович.