ЕАР ассамблеиа хада ахада ҿыцс Анналена Бербок далырхит. Маӡалатәи абжьыҭираан Германтәыла ԥасатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр 167 бжьы лоуит.
Германтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, абжьыҭираан Бербок лкандидатура иаҿагылеит Урыстәыла мацара.
Алхрақәа рышьҭахь Бебок алахәыла-тәылақәа агәрагаразы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
ЕАР ассамблеиа хада ахада ҩышықәсатәи аҿҳәарала далырхуеит. Анналена Бербок 2021-2024 шш. рзы Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрс аус луан.