ЕАР ашәарадаратә хеилак алахәылацәа Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети, атериториатә акзаареи ишрыдгыло даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит
ЕАР ашарадарат хеилак алахәылацәа – Франциа, Иапони, Словениа, Британиа Ду, ЕАШ, Мальта, иара убас Ашәарҭадаратә хеилак иалалараны иҟоу атәлақәа: Бырзентәылеи Даниеи Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети, атериториатә акзаареи шрыдгыло даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит.
Қырҭтәыла азҵааразы ЕАШ ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа реиԥылара ашәқәа ркны мҩаԥысит.
“2008 шықәса нанҳәазы Урыстәыла Қырҭтәыла ақәлеит, ари агәыла тәылақәеи Европа ашәарҭадаратә архитектуреи рганахьала Урыстәыла аполитика агрессиатә тенденциа ахылҵит. Урыстәылатәи Афедерациа Украина аганахьала апровоцирра змамзы агрессиа аубарҭоуп, Урыстәыла ари амҩа нанагӡеит. Ҳара Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети, атериториатә акзаареи ҳашрыдгыло даҽазнык шьақәҳарӷәӷәоит. Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла атерриториатә акзаара аилагара нанагӡоит, ари ҳақәыӡбоит. Иара убасУрыстәыла Украина ахьақәлаз, Аԥсни Цхинвли, Аладатәи Уаԥстәыла арегион, аҟны урыстәылатәи арратә мчқәа рыҟазаара ҳақәыӡбоит, ари ЕАР аусԥҟа еиланагоит. Арҭ арегионқә Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп. Урыстәыла арегионқәа рҿы аполитикатә, арратә, азинтә, аекономикатә, асоциалтә хырхарҭақәа рҽалагаларала ашьаҿақәа рыҟаҵара нанагӡоит. Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рҿы, атерритоиатә ӡқәеи аҳауатә қәыԥшылареи рҿы азыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи, Очамчыраҿ еснагьтәи амшынтә база аргыларазы иҟаҵоу ашьаҿақәеи, аихатә ҭелқәа рыбжьаҵареи, аҭыԥантә уааԥсыра хакәандарала раанкылареи ҳрықәыӡбоит, ҳаҿагылоит. Ари зегьы Амшын Еиқәа арегион ашәарҭадара еиланагоит”, – аиԥылра ашьҭахь илҳәеит Мальта еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Франческа Гати.