ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит 1 900-ҩык иреиҳаны аҭынч тәылауаа

ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит 1 900-ҩык иреиҳаны аҭынч тәылауаа. Ари аинформациа аланарҵәеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аибашьра алагара инаркны иахьанӡа, Украина иҭахеит  1 982-ҩык аҭынчуаа, урҭ рҟынтә  162 -ҩык рықәра наӡамызт.   2 651-ҩык ахәрақәа роуит. Аусбарҭа адыррақәа рыла, ауаа реиҳара иҭахеит Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәа рҿы.