Джорџь Кент - Ақырҭуаа ииашоуп ҳәа ирыҧхьаӡо аӡбара дара рхала ирыдыркылароуп, ари аус аҿы ҳрыдгылоит
«Ақырҭуаа дара рхала ирыдыркылараны иҟоу аӡбара дара рцынхәрас Қырҭтәыла аҩызцәа ирыдыркылароуп ҳәа сгәы иаанагом. Аӡбара ииаша адкылараҿы ақырҭуаа ҳрыдгылоит», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Джорџь Кент Атлантикатә Хеилак аҿы Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ианалацәажәоз.
«Америкагьы Евроеидгылагьы аусеицуразы ақәыҧшылара ду рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Анеҩстәи ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала аӡәы Вашингтонынтә Қарҭҟа днеип ҳәа сыҟам. Ҳара адиалог иацхраауа ҳацҳаражәҳәаҩи Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩи рыцхыраарала аус ааур ҳалшоит. Сгәы ишаанаго ала, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ақырҭуа политикцәа данырҧылоз дызлацәажәоз аелементқәа ацҳаражәҳәаҩцәа рыбжьацәажәарала имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа рҿгьы аарҧшын. Убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу адиалог аелементқәа зегьы уаанӡагьы аадыруан», — иҳәеит Джорџь Кент.
Иара иажәақәа рыла, аҩ-ганкгьы аполитикатә ҭаххара рыгуп.
«Дара иҵабыргны Қырҭтәыла аҧеиҧш иазхәыцуазар, аӡбара рыдыркылароуп. Хаҭала сара абас ауп сгәы ишаанаго: ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла излацо ахырхарҭа иазкны ргәаанагарақәа еиҧшуп. Уи асоциаологиатә ҭҵаарақәа зегьы рылагьы иубарҭоуп. NDI аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа инрықәыәшәаны, 75 наӡына ауааҧсыра НАТОи Евроеидгылеи рахь Қырҭтәыла алалара иақәшаҳаҭуп. Америкеи Европеи рыбжьара адиалог ҕәҕәазаауеит әәа сгәы иаанагоит, еиуеиҧшым азҵаарақәа ҳрылацәажәоит: Қырҭтәыла, Кавказ, Ҟарабахтәи аибашьра аамышьҭахь аҭагылазаашьа, Иран, Беларус, Украина. Агәра ганы сыҟоуп аус шеицаауа, ҳара аполитикатә спектр зегьы аус рыцаауеит. Ақырҭуаа рхала ирыдыркылараны иҟоу аӡбара дара рцынхәрас Қырҭтәыла аҩызцәа ирыдыркылароуп ҳәа сгәы иаанагом. Дара рзы ииашоуп ҳәа ирыҧхьаӡо аӡбара адкылараҿы ҳрыдгылоит, аха, дара рхала аӡбара рыдыркылароуп», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Джорџь Кент.