Джеимс Аппатураи  -  Қырҭтәылаҿ НАТО ахаҭарнакра дууп
Джеимс Аппатураи  -  Қырҭтәылаҿ НАТО ахаҭарнакра дууп

Қырҭтәыла Актәи аканал иеиҭаз аинтервиу аҿы  Кавкази Ацентртә Азиеи рҟны НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Джеимс Аппатураи иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылаҿы НАТО ахаҭарнакра шдуу.

«Иара убас, арратә персоналгьы Қырҭтәыла иҟоуп.  Дара НАТО – Қырҭтәылатәи аҵаратә центри атәылахьчара аинституциатә ргылара ашколи рҿы  иҟоуп, насгьы, ҳара есышықәса азеиҧш арратә азыҟаҵарақәа мҩаҧаагоит. Қырҭтәыла аус ауеит  атәылауаҩратәи арратәи офис.  Иара убас, НАТО иалоу атәылақәагьы Қырҭтәыла рхатә арратә персонал рымоуп.  Убри аҟынтә, ақырҭуаа агәра ганы иҟазароуп ртәылаҿы НАТО ахаҭарнакра шдуу. Ҳара аус еицаауеит, ирҿыцу апакет наӡа уи аҿы иҳацхраауеит», — иҳәеит Джеимс Аппатураи.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәылаҿ НАТО арратә база аартра азҵаара макьана иалацәажәом.

«Апартниор тәылақәа рҿы НАТО арратә базақәа иҟам. Абри аҩыза абазақәа иҟоуп НАТО иалоу атәылақәа мацара рҿы.  Аха, Қырҭтәылаҿ ҳхаҭарнакра зеиҧшҟамлац ала идууп. Сара НАТО аобиектқәеи аперсонали  роуп сызлацәажәо. Иарбанзаалак даҽа апартниор ҳәынҭқаррак аҿы  абри аҩыза ахаҭарнакра иҟам.  НАТО ахаҭарнакра аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара амоуп, ҳара ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит», — иҳәеит Джеимс Аппатураи.

Ҧхынҷкәын 2 рзы Қырҭтәыла НАТО ирҿыцу апакет наӡа аиуит.