Джеимс Аппатураи  -  Аоппозициа апарламент абаикот ахьазыҟарҵо абри аҩыза атәылақәа НАТО иалам
Джеимс Аппатураи  -  Аоппозициа апарламент абаикот ахьазыҟарҵо абри аҩыза атәылақәа НАТО иалам

 

Аоппозициа апарламент абаикот ахьазыҟарҵо абри аҩыза атәылақәа НАТО иалам, — иҳәеит Кавкази Ацентртә Азиеи рҟны НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Джеимс Аппатураи Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

«Уажәы шәара шәҟынтә еилыскааит аоппозициа абоикот шеиҕьаршьаз. Иацы абри азҵаара ӡбашьас иарҭарызеи ҳәа сазхәыцуан.

Америкеи Евроеидгылеи активра ду шаадырҧшыз здыруеит. Адипломатцәа аоппозициагьы анапхгаратә партиагьы ирацәажәон. НАТО ахьӡала Қырҭтәыла анапхгара ираҳҳәахьеит аполитикатә спектр аҿы иҟоу аполиаризациа аҧырырхыр шаҳҭаху.

НАТО иалоу атәылақәа рацәа рполитикатә системақәа еиҟәшоуп, уи уамашәа иубаратәы иҟам. Аха, аусура зылшо анапхгаратә гәыҧи  апарламент аҿы аоппозициа ҕәҕәеи иҟазароуп. Абри апринцип ауп НАТО иалоу атәылақәа русураҿы ахадаратә ҵакы змоу. Ҳара ҳҿы, НАТО аҟны, аоппозициа апарламент абаикот ахьазыҟарҵо уи еиҧш атәылақәа иҟам», — иҳәеит Аппатураи.