Дональд Трамп – Украина аибашьра хыркәшазар ҳҭахуп, Џьон Ретклифф Москва ивизит алҵшәак ҳзаанагар ҟалап

20:18, 26.08.2026

Америка Аҧшыхәратә усбарҭа хада адиректор Џьон Ретклифф Москва ивизит алҵшәак ҳзаанагар ҟалап, – иҳәеит Америка ахада Дональд Трамп.

Трамп ишазгәеиҭаз ала,  Вашингтон Украина аибашьра ахыркәшаразы активла аус руеит.

«Украина аибашьра хыркәшазар ҳҭахуп. Ари аибашьра ахыркәшаразы активла аус аауеит, ари авизит алҵшәак ҳзаанагар ҟалап», – иҳәеит Америка ахада.

Дмитри Песков ишиҳәаз ала,  урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа Америка Аҧшыхәратә усбарҭа хада адиректор иҟны аимадара рыман,  аха,  Џьон  Ретклиффи Урыстәыла ахада Владимир Путини еиҧымлеит.

Еиԥшу