Дональд Трамп - Украинаа зыда ԥсыхәа рымам Patriot-қәа раҳҭоит, Путин иԥшӡаны дцәажәоит, аха нас абомбақәа рыларыжьра даҿуп
Дональд Трамп - Украинаа зыда ԥсыхәа рымам Patriot-қәа раҳҭоит, Путин иԥшӡаны дцәажәоит, аха нас абомбақәа рыларыжьра даҿуп

ЕАШ ахада Дональд Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭала, украинаа зыда ԥсыхәа рымам аҳауахьчаратә ракетақәа Patriot-қәа рииҭоит, избан акәзар, Урыстәыла ахада Владимир Путин “иԥшӡаны дцәажәоит, аха нас абомбақәа рыларыжьра даҿуп”.

“Украинаа зыда ԥсыхәа рымам Patriot-қәа раҳҭоит, избан акәзар Путин ауаа рацәаны рыршанхара илшеитю Уи иԥшӡаны дцәажәоит, аха нас, хәылбыҽхан, абомбақәа рыларыжьра даҿуп. Аха ара уадаҩрак иҟоуп – ари исгәаԥхом. Еиуеиԥшым аибашьыга аибыҭара раҳҭоит, аха урҭ (Евроеидгыла) 100% ашәара рықәшәоит”, – иҳәеит Трамп