Дональд Трамп - Џьамтәылеи Израили ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит
ЕАШ ахада Дональд Трамп асоциалтә ҳаҿы ишааицхаз ала, Џьамтәылеи Израили ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит.
“Ишәыдысныҳәалоит! Џьамтәылеи Израили 12 сааҭтәи ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Уи ашьҭахь аибашьра ихыркәшоуп ҳәа ҳаԥхьаӡар ҳалшоит. Аофициалла Џьамтәыла ахымца аанкылара алагоит. Иашьҭанеиуа 12 сааҭ ирылагӡаны, Израильгьы ахымца ааннакылои. 24 сааҭ рышьҭахь 12 мш инагӡоз аибашьра ихыркәшахоит!
Анцәа иныҳәааит Израиль, Анцәа иныҳәааит Џьамтәыла, Анцәа иныҳәааит Ааигәатәи Мрагылара , Анцәа мныҳәааит Америка, Анцәа иныҳәааит ажунеи зегьы!”, – иҩит Трамп.