Дональд Трамп  - Иахьа зегьы маншәалахар, хганкалатәи аиԥылара мҩаԥаагоит, сгәы шаанаго ала, абри анҳалшо, аибашьра аанкыларазы алшара ҳауеит
Дональд Трамп - Иахьа зегьы маншәалахар, хганкалатәи аиԥылара мҩаԥаагоит, сгәы шаанаго ала, абри анҳалшо, аибашьра аанкыларазы алшара ҳауеит

Иахьа зегьы маншәалахар, хганкалатәи аиԥылара мҩаԥаагоит, сгәы шаанаго ала, абри аныҳалшо, аибашьра аанкыларазы алшара ҳауеит, – иҳәеит ЕАШ ахада Дональд Трамп Вашингтон Украина ахада Володимир Зеленски иҟны аиԥылара иалагаанӡа.

“Украина ахада даҳҭааит. Адискуссиа бзиа ҳаман, кыраамҭа ҳцәажәон. Сгәы шаанаго ала, апрогресс ҳамоуп. Ганрацәалатәи, аҵак ду змоу апрогресс. Ишыжәдыруа ала, Урыстәыла ахада сиԥылеит. Иахьатәи аиԥылара аҵак ҷыда амоуп. Европатә быжьҩык алидерцәа иаҳҭааит, урҭ ҳаиԥылара ашьҭахь иаҳԥылоит. Иҭабуп шәахьаҳҭааз”, – иҳәеит Трамп.