Дональд Туск - Ҳаҭыр зқәу Володимир Зеленски, украинаа, шәара шәымацара шәаанҳажьуам
Дональд Туск - Ҳаҭыр зқәу Володимир Зеленски, украинаа, шәара шәымацара шәаанҳажьуам

Польша аԥыза-минис Дональд Туск Аҩны шкәкәа имҩаԥгаз ЕАШ-и Украинеи рхадацәа реиԥылара дақәҿиҭит.

“Ҳаҭыр зқәу Володимир Зеленски, украинаа, шәара шәымацара шәаанҳажьуам”, – иҩит Туск асоциалтә ҳа Х аҿы.

Аҩны шкәакәаҿ ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии, Америка вице-ахада Џьеи Ди Венси еиԥылеит. Алидерцәа аихқәа рхаҭарнакцәа рҿаԥхьа аимак рыбжьалеит. Уи ашьҭахь ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии реиԥылара заа ихиркәшеит. Имҩаԥыргаран иҟаз апрессконференциагьы аԥыхын.