Дональд Трампи Володимир Зеленскии реиԥылара заа ихыркәшан, апрессконференциагьы аԥыхуп
ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии реиԥылара заацәа ихыркәшеит, – аанацҳаит CNN.
Алидерцәа аихқәа рхаҭарнакцәа рҿаԥхьа аимак анрыбжьала ашьҭахь, Украина ахадеи иделегациеи Аҩны шкәакәа аанрыжьит.
Иҟоу адыррақәа рыла, апрессконференциагьы аԥыхуп.