Дональд Трампи Владимир Путини Саудтәи Аравиаҿ еиԥылар ҟалап
Дональд Трампи Владимир Путини Саудтәи Аравиаҿ еиԥылар ҟалап

ЕАШ ахада Дональд Трампи  Урыстәыла ахада Владимир Путини Саудтәи Аравиаҿ еиԥылар ҟалап.

ВВС аинформациа ала, Трамп аиԥылара арыцхә имҳәаӡеит, аха ишазгәеиҭаз ала, аиԥылара хара имгакәа мҩаԥгахоит.

Трамп Украина иаара иазкны азҵаара изықәдыргылеит. ЕАШ ахада иажәақәа рыла, макьана Украина аҭаара игәы иҭам, аха наҟ-наҟ ари азҵаара дазхәыцуеит.

“Ари аибашьра ахыркәшара ҳҭахуп, ари аибашьра – акатастрофоуп”, – иҳәеит Трамп.