Дональд Трамп хәажәкыра 18 рзы Путин иҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара игәы иҭоуп
Дональд Трамп хәажәкыра 18 рзы Путин иҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара игәы иҭоуп

«Хәажәкыра 18 рзы аурыс сколлега сиацәажәарц сгәы иҭоуп», — иҳәеит Дональд Трамп Флоридантә Вашингтон даныхынҳә ашьҭахь.

Иажәақәа рыла, урҭ Украина ицо аибашьра ахыркәшара азҵаара иалацәажәоит.

«Ари аибашьра ахыркәшара иҳалшо иҳалымшо ҳахцәажәоит. Ашанс бзиақәа ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Трамп.