Дональд Трамп – Урыстәылантә адырра ҕәҕәа ҳауит, дара аҭынчра ашьақәыргылара иазыхиоуп, аибашьра ахыркәшара уҭахызар, аҩ-ганк урацәажәароуп
Ҳара Урыстәылаҟны акрызҵазкәа аиҿцәажәарақәа ҳаман, адырра ҕәҕәа ҳауит, дара аҭынчра ашьақәыргылара иазыхиоуп, аибашьра ахыркәшара уҭахызар, аҩ-ганк урацәажәароуп, – иҳәеит Америка ахада Дональд Трамп Конгрессаҿ данықәгылоз.
Иара иажәақәа рыла, Украина аминералқәеи ашәарҭадареи ирызку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иазыхиоуп.
„Иахьа шьыжьымҭан ахада Зеленски иҟынтә ашәҟәы соуит. Ашәҟәы иануп: „Украина, иҭышәынтәалоу аҭынчра ашьақәыргыларазы, излауа ала ирласны аиҿцәажәаратә аишәа ахатәара иазыхиоуп. Украинаа раасҭа иаҳа аҭынчра зҭаху аӡәгьы дыҟам. Ҳгәыҧ, ахада Трамп инапхгара ҕәҕәа ала, иҭышәынтәалоу аҭынчра ашьақәыргыларазы аусеицура иазыхиоуп. Ҳара Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи рыхьчаразы Америка иҟанаҵаз ацхыраара ду иҳараку ахәшьара аҳҭоит. Аминералқәеи ашәарҭадареи ирызку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҳазыхиоуп“. Абри ашәҟәы иахьааишьҭыз бзиоуп. Аамҭакала, ҳара Урыстәылаҟны акрызҵазкәа аиҿцәажәарақәа ҳаман. Адырра ҕәҕәа ҳауит, дара аҭынчра ашьақәыргылара иазыхиоуп. Абри агаӡара аанкылара аамҭа ааит. Ауаа рышьҭа аанкылара аамҭа ааит. Аибашьра ахыркәшара уҭахызар, аҩ-ганк урацәажәароуп“, – иҳәеит Трамп.