ЕАШ ҿыц иалху ахада Дональд Трамп ишааицҳаз ала, уажәы Урыстәыла ахада Путин иҟны аиԥыларазы аҽазыҟаҵара иаҿуп.
“Дысԥылар иҭахуп, ҳаргьы ҳҽазыҟаҳҵоит”, – иҳәеит Трамп Флорида иҟоу Мар-а-Лаго арезиденциаҿ агубернаторцәа данырԥылоз.
“Ахада Путин дысԥылар иҭахуп. Ари аргама ааицҳаит, ари аибара ҳхыркәшароуп”, – иҳәеит Трамп.
Аиԥылара аныҟало Трамп имҳәаӡеит.
Кремль хаҭарнакцәа Трамп иҳәамҭазы макьана алкаа ҟарымҵаӡацт, аха Путин ипрессмаӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ажурналистцәа шраиҳәаз ала, Трамп Урыстәыла ахада иҟны иинаугурацианӡа аимадара абжьаҵара иҭахызар, Кремль ари иадгылоит.