Дональд Трамп – Уажәааны Украина ахада ҭелла сиацәажәеит, ҳара амҩа иаша ҳануп
Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, уажәааны иара сааҭк еиҳаны Украина ахада Владимир Зеленски ҭелла диацәажәон. Трамп ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.
Трамп иажәақәа рыла, ари адискуссиа Дональд Трампи Владимир Путини иацтәи реиҿцәажәара иазкын. Иацы Путин Урыстәылеи Украинеи рыҳәарақәеи рҭахрақәеи рзы аиқәшаҳаҭхаразы ааҧхьара ҟаиҵеит.
«Уажәааны Украина ахада Владимир Зеленски ҭелла сиацәажәеит. Сааҭк еиҳаны ҳаицәажәон. Ари адискуссиа Владимир Путини сареи иацтәи ҳаиҿцәажәара иазкын. Иацы Путин Урыстәылеи Украинеи рыҳәарақәеи рҭахрақәеи рзы аиқәшаҳаҭхаразы ааҧхьара ҟаиҵеит. Ҳара амҩа иаша ҳануп, сара аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы абжьагаҩ Майкл Уолци срыҳәоит ҳаиҿцәажәара зызкыз цқьа иахцәажәарц. Ари аҳәамҭа алаҳарҵәоит иааиуа амшқәа рзы», – иҩит Трамп.