Дональд Трамп – Уаҵәтәи ахәылҧаз бзиахоит, зегьы ишыҟаҵәҟьоу шәзеиҭасҳәоит
«Уаҵәтәи ахәылҧаз бзиахоит. Зегьы ишыҟаҵәҟьоу шәзеиҭасҳәоит», — иҩит Америка ахада Дональд Трамп Twitter аҿы.
Ишдыру еиҧш, уаҵәы Америка ахада, раҧхьаӡа акәны, Конгрессаҿ дықәгылоит.
Fox News адыррақәа рыла, уаҵәтәи иқәгылараан Трамп азакәанҧҵаратә усхкы аҿы иҟоу аҧыжәарақәеи иадминистрациала имҩаҧгоу аусуреи далацәажәоит.
Трамп Конгрессаҿ дықәгылараны дыҟоуп вашингтонтәи аамҭала асааҭ 21:00 рзы.