Дональд Трамп иинаугурациатә ажәахә  
Дональд Трамп иинаугурациатә ажәахә  

Америка  47-тәи ахада Дональд Трамп иинаугурациатә ажәахә.

Ахадаратә пунктқәа:

  • Америка ахьтәы аамҭа иалагоит, иахьарнахыс ҳтәыла ашәҭыкакаҷра иалагоит, адунеи зегьы ҳаҭырла ҳазныҟәара еиҭалагоит;
  • Америка актәи аҭыҧаҿ исыргылоит, ҳсуверинитет ихынҳәуеит, ҳшәарҭадара еиҭашьақәгылоит;
  • Америка аофициалтә политика инақәыршәаны, 2 гендерк мацара иҟоуп  – ахаҵеи аҧҳәыси;
  • Ҳаиҳабыра атәыла аҩныҵҟа имариоу акризис изхылаҧшуам, аха, уи аамҭазы, аҳәаанырцә акатастрофатә хҭысқәа рҽаларгалоит;
  • Агәра ганы сыҟоуп,  сара машәырла акәӡам сшеиқәхаз, Анцәа сеиқәирхеит, Америка  аҳәынҭқарра дуӡӡаны еиҭаҟасҵарц азыҳәан;
  • Раҧхьа иргыланы, аладатәи ҳҳәақәа рҿы аҭагылазаашьа ҷыда рыласҳәоит, закәандарала ҳтәыла алалара аҽазкрақәа зегьы аанкылахоит;
  • Америкатә гәахәтәы хара имгакәа ихынҳәуеит, акомпетенциеи аеффективреи змоу афедералтә еиҳабыра еиҭашьақәгылоит;
  • Ҳара ҳақәҿиарақәа ахәшьара раҳҭоит аиааира ахьаҳго ақәҧарақәа рыла мацара акәымкәа, иахьҳаркәшо аибашьрақәа рылагьы, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ахаангьы ҳазҭамло аибашьрақәа рылагьы;
  • Хара имгакәа Мексикатәи аӡыбжьахала ахьӡ ҳаҧсахуеит Америкатә аӡыбжьахала ала, ҳара ари аканал Китаи иаҳамҭеит, Панама иаҳҭеит, аха, иҳархынҳәуеит;
  • Ҵыхәҧҵәарада инагӡо ачымазарақәа репидемиа ҳҳаркәшоит, ҳхылҵ ргәабзиареи ршәарҭадареи ҳахьчоит;
  •  „Ковид“ аҽацәыхьчаратә алаҵа аҟаҵаразы мап ахьыркыз азы ииашамкәа аусура иамхыз аруаа еиҭашьақәҳаргылоит, дара акомпенсациа роуеит;
  • Ҳара Америка аҭоурыхаҿ иреиҕьу ҧшьышықәса ҳҭагылоит, гәыкала бзиа иаабо амилаҭ еиҭаҳаргылоит, аибашьрақәа зегьы аанаҳкылоит, адунеи зегьы еидаҳкылоит.