ЕАШ 47-тәи ахада Дональд Трамп иинаугурациа иахьа мҩаԥысуеит.
Аҭоуба зны вице-ахада Џьеи Ди Венс Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Брет Кавано иҿаԥхьа шьҭеиҵоит, ашьҭахь аҭоуба шьҭеиҵоит Дональд Трам, ари ашьҭахь уи аинаугурациатә жәала дықәгылоит.
Трамп аҭоуба шьҭеиҵоит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 12:00 рзы. Амш цәгьа иахҟьаны, ЕАШ ҿыц иалху Дональд Трамп иинаугурациа Аконгресс ахыбраҿ мҩаԥгахоит. Капитоли аҿы аҵыхәтәаны Рональд Реиган иинаугурациа мҩаԥган. 1985 шықәсазы ацеремониа ахыбраҿ амҩаԥгара амзыз амш цәгьа акәын.
ЕАШ ԥасатәи ахадацәа рҟынтә аҭоубашьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәоит Џьо Баидени, Барак Обамеи, Џьорџь Буши аиҵби, Бил Клинтони.
Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа аинаугурациахь иааԥхьоуп егьырҭ атәылақәа рлидерцәа: Аргентина ахада Хавиер Милеи, Италиа аԥыза-министр Џьорџьиа Мелони, Еквадор ахада Даниел Набоа, Сальвадор ахада Наииб Букеле.
Ацеремониахь дааԥхьан Китаи ахада Си Ӡинпингьы, Си Ӡинпин авизит мап ацәикит, аха аинаугурациахь днеиуеит Китаи вице-ахада.