Дональд Трамп иҳәамҭала, Америка анхара зҭаху атәымуаа  «ахьтәы картақәа» рзыҭира далагар иҭахуп  
Дональд Трамп иҳәамҭала, Америка анхара зҭаху атәымуаа  «ахьтәы картақәа» рзыҭира далагар иҭахуп  

 

Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, Америка анхареи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи  зҭаху атәымуаа  «ахьтәы картақәа» рзыҭира далагар иҭахуп.

Америка ахада иҳәамҭала,  «ахьтәы карта» 5 миллион адоллар иаҧсазаауеит.

Дональд Трамп ишазгәеиҭаз ала, ари аӡбара амч аиур ҟалап ҩымчыбжь рышьҭахь.

«Ҳара  «ахьтәы карта» аҭира ҳалагоит. Шәара  «акарта иаҵәа» шәымоуп, ари  «ахьтәы картоуп». Ари акарта ахәҧса шьақәҳыргылоит  — 5 миллион адоллар иаҧсазаауеит, —  уи  «грин-карта» иамоу азинҷыдақәа шәнаҭоит, атәылауаҩра аиура алшара шәызцәырҵуеит. Абри акартала ауаа беиақәа ҳтәыла иаҭааир рылшоит, дара аҧара рацәа нырхуеит, ашәахтәқәа рацәа ршәоит, ауаа рацәа аусурҭала еиқәдыршәоит», — иҳәеит Трамп.

Аурыс олигархцәа  «ахьтәы карта» роур рылшома ҳәа ианиазҵаа, ​​Дональд Трамп иҳәеит: «Ааи».

«Урыстәылатәи аолигархцәақәак здыруеит, даараӡа ауаа бзиақәоуп. Уи еиҧш алшара роуеит, — ихәеит Америка ахада.