Дональд Трамп ифинанстә документқәа ирызку аус азы аӡбақәҵа иахьа ирыларҳәоит
Дональд Трамп ифинанстә документқәа ирызку аус азы аӡбақәҵа иахьа ирыларҳәоит

Дональд Трамп ифинанстә документқәа рԥаршеира аус азы аӡбақәҵа иахьа рыларҳәоит.

Аӡбаҩ заанаҵы иҟаиҵаз аҳәамҭала, Трамп аҭакра иқәиҵом. Аха Дональд Трап ацәгьоуразы зус ӡбаны аҭыԥ аанызкылаз раԥхьаӡатәи.

ЕАШ ҿыц иалху ахада аӡбарҭа еилатәарахь днеиуам, уи Флорида имоу иҩнаҟынтә апроцесс онлаин ихы алаирхәоит.

Лаҵаразы ҭоуба зуз алатәаҩцәа Дональд Трамп адокументқәа рԥаршеиразы ахара иқәырҵеит. Аусԥшаара аинформациа ала, аполитик 2006 шықәсазы ԥасатәи апорноактриса Дениелс дылԥылеит, жәшықәса рышьҭахь, апрезиденттә кампаниаан, идукат Маикл Коен идиҵеит ари аинформациа аҵәахра ацынхәрас, аԥҳәыс $ 130 нызқь лзишәарц. ЕАШ ҿыц иалху ахада Сторми Дениелси иареи аимадара рыбжьан ҳәа аинформациа мап ацәикуеит.